Аҧыза-министр инапхгарала, Қарҭ астадион ҿыц аргылара ацхрааразы еиҿкаау аусбарҭабжьаратә комиссиа актәи аилатәара мҩаҧган
Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе инапхгарала, Қарҭ астадион ҿыц аргылара ацхрааразы еиҿкаау аусбарҭабжьаратә комиссиа актәи аилатәара мҩаҧган.
Астадион ҿыц аргылара иадҳәаланы, аиҳабыра аконсультациақәа рзымҩаҧнагоит голландиатәи аилахәыра, астадион аконцепциа аҧҵара апроцесс рхы аладырхәоит УЕФА аекспертцәа, уи иадҳәаланы, арҭ амшқәа рзы, аганқәа рхаҭарнакцәа, иашьашәалоу аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит.
Акомиссиа алахәылацәа атәылаҿы аспорттә инфраструктура аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа ирыхәаҧшит. Ишазгәаҭаз ала, афункциарацәаратә стадион ҿыц 70 000 ҩык азгәыбылҩцәа рзы иазҧхьагәаҭазаауеит, уи абзоурала, Қырҭтәыла, ашьапылампыли арегби рзы зранг ҳараку атурнирқәа рымҩаҧгареи аспорт абарҭ ахкқәа рзы иацҵаны аинвестициақәа рыдаҧхьалареи алшоит.
Иара убас, аспорттә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара инаваргыланы, астадион абазаҿ иаҧҵахоит зранг ҳараку аконцерттә инфраструктуреи аконцерттә центри, уи атәылашҟа иаҳа ирацәаны атуристцәа рыдаҧхьалара иацхраауеит.
„Борис Паиҷаӡе ихьӡ зху Динамо астадион иакуеит 54 000-ҩык мацара ахәаҧшцәа. Ашьапылампылтә аизга аматчқәа анымҩаҧысуа, иаҳа ирацәаны аҭыҧқәа ҳҭахуп. Абри аҭахра иазҧхьагәаҭаны, ҳаҳҭнықалақьаҿ иаҳа идуу астадион иҟазароуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Ари апроект ҳтәыла аимиџь аганахьалагьы аҵакы ду амоуп, уи ҳтәыла жәларбжьаратәи аимиџь шьҭнахуеит. Ҳамбициатә хықәкқәа иреиуп астадион ҿыц аҿы Ачемпионцәа рлига афинал қәҿиарала амҩаҧгара. Уигьы, аимиџь аганахьала зҵакы дуу хҭысхоит. Ари астадион ашьапылампылтә матчқәеи арегби аматчқәеи ирызкызаауеит. Иара убас, араҟа аконцерттә инфраструктура ҿыц еиҿкаахоит. Уажәазы иҟоу аинфраструктура ари аганахьалагьы иҽеим. Астадион ҿыц аҿы, ҳаҳҭнықалақьаҿ, зыҩаӡара ҳараку аконцертқәа рымҩаҧгара ҳалшоит, Уи абзоурала, ҳтәыла иаҳа ирацәаны атуристцәа рыдаҧхьалара алшоит. Ари аинфраструктура ҿыц амультифункциатә азкызаара амазаауеит, аспорттә усмҩаҧгатәқәеи аконцертқәеи рымҩаҧгара инаваргыланы, араҟа аконцерттә центргьы еиҿкаахоит, иахьазы ҳтәылаҿы уи еиҧш ацентр иҟам, уаагьы зранг ҳараку аусмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара ҟалоит. Астадион ҿыц аргылара аклубтә ашьапылампыли, иара убас, арегби рзы иаҳа ирацәаны аинвестициақәа рыдаҧхьалара иацхраауеит“, – иҳәеит аҧыза-министр акомиссиа аилатәара ашьҭахь.
Астадион аргыларазы ақалақь амҵа 2 ҭыҧк алхуп, ари азҵаара иадҳәаланы аҵыхәтәантәи аӡбара рыдыркылоит голландиатәи аилахәыраҟны аконсультациақәа рышьҭахь.
Акомиссиа аилатәараҿы арегионқәа рҿы аспорттә инфраструктура аиҕьтәра иазку азҵаарақәагьы ирылацәажәеит. Атәыла аиҳабыра, атәыла зехьынџьара, 40 инареиҳаны арегионқәа рҿы, аспорттә инфраструктура арҿиареи астадион ҿыцқәа рыргылареи ргәы иҭоуп.