Аҧыза-министр иҟаиҵаз ашықәсҿыцтәи адныҳәалара
Аҧыза-министр иҟаиҵаз ашықәсҿыцтәи адныҳәалара

Акыр иаҧсоу атәылауаа !

Ишәыдысныҳәалоит Ашықәс Ҿыц!

Ҳазҭагыло ашықәс ҳтәылеи ҳажәлари аҿиареи, ақәҿирақәеи, акзаареи, мышхәыбзазареи рзаанагааит.

Ашықәс  Ҿыц ҳаҧылоит агәыҕра ду ала, ҳхықәкқәа шынагӡахо азы агәыҕрала. Раҧхьа иргыланы, адунеи ауааҧсыра зегьы аҭынчреи апандемиа ахыркәшареи рзеиҕьасшьоит, ауаа зегьы анормалтә ҧсҭазаара иазыхынҳәырц, ҳара ҳазынтәгьы ҧхьаҟацареи, иаҳа еиҕьу аҧеиҧши, аҿиареи, аҵареи, апроект дуқәа рынагӡареи азхәыцра ҳалшарц.

2021 шықәсазы ауадаҩрақәа рацәан, – аполитикатә аилаҩеиласреи, апандемиа амшала еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла апроблемақәеи иҟан, уи еиҳангьы, арыцҳара ду аабеит, ауаа рацәа ҳцәыӡит. Рыцҳарас иҟалаз, авирус аҿагылара апроцесс аан ауаа рацәа ҳацәҧсит, даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп ҳаитәылауаҩ цыҧхьаӡа иҧсра даараӡа сгәы ишалсыз.

Аха, иҳаҩсыз ашықәс азы еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла имаҷымкәа ақәҿирақәагьы ҳаман, – ҳтәыла минуҭкгьы иаанымгылакәа ҧхьаҟацара иаҿын, аҭыҧантәи, иара убас, жәларбжьаратәи  аҩаӡараҟны крызҵазкәа аихьӡарақәа ҳаман.

Алхрақәа рҿы аиааира ашьҭахь, ҳтәыла иаҳа аҿиареи ақәҿиареи аиурц азыҳәан, анапхгараҭара апроцесс ҽакала ҳазнеироуп, уи ала иазҧхьагәаҭоуп ахырхарҭақәа зегьы рыла апрогресси иаҳа ирласны аҿиареи.  Убри азыҳәан  лакҩакрада иаамҭаны иахәҭоу ашьаҿақәа рыҟаҵара ауп иаҭаху,  ашықәс ҿыц абри азнеишьала ҳалагоит.

Иааиуа ашықәс азы иаҳа еиҕьны аус аауроуп.  Раҧхьа иргыланы, аекономика ауп аҧыжәара зауа. Иҳаҩсыз ашықәс азы ари аганахьала ақәҿирақәа иҟан, ҳекономика ҳаззыҧшыз аасҭа иаҳа ирласны аиҭашьақәыргылара иалагеит, азҳара арбага инақәыршәаны, Қырҭтәыла, арегион мацараҿ акәымкәа, Европагьы иреиҕьу аҳәынҭқаррақәа рыгәҭа игылоуп, аха, ҳәарада, уи аҿы ҳаангылараны ҳаҟам, ҳара иаҳа ирацәаны иҟаҳҵароуп, иаҳа ирласны аҿиара наҳагӡароуп, ҳтәылеи ҳажәлари иаҳа хырҳагара рзааҳгароуп. Иааиуа ашықәс азы иаҳа ирацәаны аусуратә ҭыҧқәа аҧаҳҵоит, аҕарра ҳармаҷроуп, ахырхарҭақәа зегьы рыла апрогресс ҳамазаауеит, уаҵәтәи амш иаҳа еиҕьхаратәы иҟаҳҵароуп.

Аекономикатә ганахьала иҕәҕәоу, иеиду Қырҭтәыла, ақырҭуа ҳәынҭқарра ҕәҕәа  – абри ахықәкы ауп ахадаратә ҵакы зауша. Ари ахықәкы анагӡара ҟалоит, ҳара уи ҳалшоит! Ҳаидгыланы, хмеигӡарада аус ааур, Қырҭтәыла, хымҧада, абри аҩыза ҳәынҭқаррас иҟалоит.

Ишаҧу ала, Ашықәс Ҿыц еснагь агәыҕра ҿыц ацуп, абри агәыҕрала аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәа Ашықәс ҿыц рыдысныҳәалоит. Гәыкала исҭахуп иааиуа ашықәс азы ҳаизыҟазаашьақәа рҿы, ҳаизаагәахара аганахьала  крызҵазкәа аиҭакрақәа ҟаларц, хара имгакәа иаку,  зыҿиара дуу ақырҭуа ҳәынҭқарраҿы аицынхара ҳалшарц.

Ҳаҭыр дула, абзиабара дула, ҷыдала Ашықәс Ҿыц рыдысныҳәалар сҭахуп  ҳгәабзиарахьчаратә система ахаҭарнакцәа зегьы, аҳақьымцәа, амедиеҳәшьцәа, аперсонал зегьы, избанзар, дара уахгьы – ҽынгьы, рхы иамеигӡакәа, акгьы иацәымшәакәа, фырхаҵарыла ҳажәлар рымаҵ руан, иуадаҩӡаз аамҭазы ргәабзиареи рыҧсҭазаареи рыхьчон.

Зыҧсадгьыл иацәыхараны иҟоу, аха, уезгьы ҳара иҳацны абри аныҳәа ду иазгәазҭо ҳтәылауаа зегьы ирыдысныҳәалар сҭахуп.  Акыр иаҧсоу ҳемигрантцәа абраантәи салам рысҭар сҭахуп, излауа ала ирласны шәыҧсадгьылахь ахынҳәра шәзеиҕьасшьоит.

Ашықәс ҿыц ҷыдала ирыдысныҳәалоит ҳгәы зыздуу ҳполициа аусзуҩцәа, ҳаруаа фырхацәа, ҳофицарцәа,  игыло абиҧара ахмеигӡареи афырхаҵареи аҿырҧштәы дзырбо ҳаруаа зегьы.

Аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа зегьы, аус зуа ауааҧсыра Ашықәс Ҿыц рыдныҳәалазааит, намысла русуреи рџьабааи ада ҳҳәынҭқарра ақәҿиаара заиуам, изыҕәҕәахом.

Ирыдысныҳәалоит ҳҿар, агәырҵҟәыл ду злоу апрогрессивтә абиҧара ҿыц, рыҧсҭазаараҿы ақәҿиара дуқәа рзеиҕьасшьоит. Ирыдысныҳәалоит ҳпрофессорцәа, ҳарҵаҩцәа, ҳҿар рааӡаҩцәа, ажәа рысҭоит ҳаҧхьаҟагьы рџьабаа ахә ашьара шынаҳагӡо, Ашықәс ҿыц агәырҕьареи анасыҧи рзаанагааит.

Гәыкала ирыдысныҳәалоит ҳаиҳабацәа, ҳтәанчуаа, ҳветеранцәа, агәабзиареи агәырҕьареи рзеиҕьасшьоит. Дара реиҷаҳара иаҳуалуп, абри аганахьала иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит.

Ашықәс Ҿыци аҧеиҧш бзиа ақәгәыҕреи –  иаҳа еиҕьны, хмеигӡарада, гәаартыла, абзиабарала ҳаҧсадгьыл амаҵ ауразы амч ҳнаҭоит!

Даҽазнык ишәыдысныҳәалоит Ашықәс Ҿыц!

Анцәа илҧха шәыгымзааит!