Аҧыза-министр иӡбарала, Гыртәыла - Хыхьтәи Шәантәыла арегионаҿ аҳәынҭқарра ахаҭарнакс дҟаҵоуп Давиҭ Верава
Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иӡбарала, Гыртәыла – Хыхьтәи Шәантәыла арегионаҿ аҳәынҭқарра ахаҭарнакс дҟаҵоуп Давиҭ Верава.
Давиҭ Верава Гыртәыла – Хыхьтәи Шәантәыла арегионаҿ аҳәынҭқарра ахаҭарнак ихаҭыҧуаҩс дыҟан. Еиуеиҧшым аамҭазы Қырҭтәыла Амилаҭтә банк Гыртәыла – Хыхьтәи Шәантәыла арегионалтә филиал дахагылан, иара убас, Жәыргьыҭ Сакребуло далахәын.