Аҧыза-министр иӡбара ала, Аҧшыхәаратә маҵзура аиҳабыс дҟалеит Шьалуа Ломиӡе
Аҧыза-министр иӡбара ала, Аҧшыхәаратә маҵзура аиҳабыс дҟалеит Шьалуа Ломиӡе
Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иӡбара ала, Аҧшыхәаратә маҵзура аиҳабыс дҟалеит Шьалуа Ломиӡе.
Иахьа аиҳабыра рнапхгаҩы Аҧшыхәаратә маҵзура аиҳабы ҿыц иҟны аустә аиҧылара мҩаҧигеит.
Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара аан, арегион аҿы агеополитикатә ҭагылазаашьеи ашәарҭадара аганахьала иҟоу апроблемақәеи ирылацәажәеит.
Иахьанӡа, Шьалуа Ломиӡе, Аҧшыхәаратә маҵзура аиҳабы инапынҵақәа наигӡон. 2014-2020 шықәсқәа рзы — Аҧшыхәаратә маҵзура аиҳабы актәи ихаҭыҧуаҩс дыҟан;
еиуеиҧшым аамҭазы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа-аналитикатә департамент аусбарҭа хада аиҳабыс дыҟан;
Аконтрҧшыхәара адепартамент аҿы еиуеиҧшым амаҵзураҭыҧқәа ааникылон, иара убас, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы аконтрҧшыхәара ахырхарҭала аус иуан.