Аҧыза-министр дызхагыло Қырҭтәыла аделегациа Жәларбжьаратәи ашәарҭадара афорум  Globsec рхы аладырхәоит
Аҧыза-министр дызхагыло Қырҭтәыла аделегациа Жәларбжьаратәи ашәарҭадара афорум  Globsec рхы аладырхәоит

Аҧыза-министр дызхагыло Қырҭтәыла аделегациа Жәларбжьаратәи ашәарҭадара афорум  Globsec рхы аладырхәоит. Афорум аҽаалархәразы Братислава иаҭааит аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии, авице-аҧыза Леван Давиҭашвилии, атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Лела Чиқовании,  Аҷара аиҳабыра рхантәаҩи.

Аҧыза-министр Европатәи агәыларатә политика иахьалацәажәо ахәҭаҟны дықәгылараны дыҟоуп.

«Globsec —  Европ ашәарҭадара иазку зегьы реиҳа зпристиж дуу афорумқәа иреиуп. Сынтәа  Globsec аҿы ахадаратә ҵакы амазаауеит Украинаҿ урыстәылатәи агрессиеи ашәарҭадара аганахьала Европа иҟоу аҳасабтәқәеи.  Сынтәа  Globsec  иалахәып  аҧыза-министр анапхгара ззиуа Қырҭтәыла ахаҭарнакратә делегациа.  Аиҳабыра рнапхгаҩы Евроеидгыла агәыларатә политика иазку апанель аҿы дықәгылоит. Иара убас,  иколлегацәеи Евроеидгыла аполитикатә лидерцәеи дырҧылоит»‎, — иҳәеит Словакиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Реваз Бешиӡе.