Аҧыза-министр, Баҭым, жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу Аҵаатә арена ааиртит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи Аҷаратәи автономтә республика аиҳабыра рнапхгаҩы Ҭорникеи Рижваӡеи, Баҭым, жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу Аҵаатә арена аадыртит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы имҩаҧгаз аусурақәа гәеиҭеит, анеҩс, Аҵаатә арена ибан, аспортсменцәа дырҧылеит.
Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала, абри аҩыза аинфраструктура аҿар астимул ду рнаҭоит аспорт рҽаладырхәырц азыҳәан.
„Баҭым идыргылаз Аҵаатә арена ҿыц 1500ҩык ахәаҧшцәа рзы иазҧхьагәаҭоуп. Араҟа аҿартә аӡынтә фестиваль мҩаҧысуеит, уи уаҵәы, Аҵаатә аренаҿ иалагоит. Ари аинфраструктура инеизакны атәылазгьы Баҭым азгьы аҵакы ду амоуп. Баҭым 450ҩык раҟара аҿар ари аспортхкы иалахәып, арена ҿыц ахәыҷқәа гәызҭаҵагас ирзыҟалоит аспорт ари ахкы иаҳа активла рҽаладырхәырц азыҳәан”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.
Жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу Аҵаатә аренаҿ ишьақәыргылоуп аспорттә арлашареи, атаблои, абжьытә системақәеи. Атрибунақәа 1500ҩык ахәаҧшцәа рзы иазҧхьагәаҭоуп. Аспорттә обиектаҿ еиҿкаауп аконференциатәи ахореографиатәи залқәеи, азыҟаҵаҩцәеи аӡбаҩцәеи руадақәеи, аҽыҧсахырҭақәеи, аҽыкәабарҭақәеи.
Жәабран 9 инаркны ари аренаҿы 2025 шықәсатәи аҿартә олимпиада мҩаҧысуеит. Анеҩстәи ашықәс инаркны ари акомплекс аҿы аҵаақәшьқьраареи, иара убас, аӡтәи аспорт хкқәеи рзы жәларбжьаратәи аицлабрақәа рымҩаԥгара ҟалоит.
Аҵаатә арена инаваргыланы, ари акомплекс аҿы аӡсаратә бассеингьы иҟоуп, уи аусура иалагоит ашықәс анҵәамҭанӡа. Апроект 53 943 280 лари иаҧсоуп.