Аҧыза-министр Аҧшыхәратә маҵзура аусзуҩцәа рзанааҭтә амш рыдиныҳәалеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили дицны, Аҧшыхәратә маҵзура аусзуҩцәа рзанааҭтә амш рыдиныҳәалеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы Аҧшыхәратә маҵзура аусзуҩцәа рымш инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы дықәгылан, иаҵшьны иазгәеиҭеит Аҧшыхәратә маҵзура атәыла ашәарҭадареи амилаҭтә аҳасабтәқәа рынагӡареи аҿы инанагӡо ароль ду.
„Аҧшыхәратә маҵзура иреиҳаӡоу жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу маҵзурас ишьақәгылеит, уи ҳаҧсадгьыл ашәарҭадара аиқәыршәараҿы ароль ҷыда нанагӡаоит. Шәара шәызынтәгьы гәыкала шәмиссиа нашәыгӡоит, ашәарҭарақәеи апроблемақәеи ирызку аинформациа зегьы раҧхьа иаашәырҧшуеит, ашәарҭадара аусхкы аҿы иашоу аполитикатә аӡбарақәа рыдкылараҿы аиҳабыра шәрыцхраауеит. Ирласӡаны зҽызыҧсахуа иахьатәи алагылазаараҿы, Қырҭтәыла аҭоурыхтә регионқәа импыҵахаланы ианыҟоу, Европа агәҭаны зымҽхак дуу аибашьра анцо, Ааигәатә Мрагылараҿы аибарххара ианацло, ашәышықәсатәи ҳмилаҭтә ҷыдарақәа ашәарҭара ианҭагыло, ақырҭуа ҳәынҭқарразы зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп аҭынчра аиқәыршәареи, иара убас, атәыла иҭышәынтәалоу, акыраамҭалатәи адемократиатәи аекономикатәи аҿиареи, ҳтәылауаа рыхьчареи, мышхәыбзазара аиқәыршәареи. Қырҭтәыла акзаара аиҭашьақәыргылареи европатәи аҭаацәара қәнагала алалареи гәахәтәыс иҳамоуп“, – иҳәеит аҧыза-министр, иара Аҧшыхәратә маҵзура аусзуҩцәа гәыкала аусуреи, апатриотизми, апрофессионализми рзы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Аҧшыхәратә маҵзура аусзуҩцәа рзанааҭтә амш рыдырныҳәалеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии Аҧшыхәратә маҵзура аиҳабы Иракли Бераиеи.
Ауснагӡатә рхы аладырхәит апарламентаҿ иҟоу аиуристтә зҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы Анри Оханашвилии ашәарҭадара акомитет ахантәаҩы Алеқсандр Табатаӡеи.