Аҧыза-министр Америкеи, Евроеидгылеи, Британиа Дуи рыцҳаражәҳәаҩцәа „Атәым анырра аартызаара иазку азакәан“ иазкны драцәажәеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Робин Даннигани, Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳарцели, Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитони дырҧылеит.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәанпроект иалацәажәеит. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, ари азакәан ахадаратә азинтә принципқәа зегьы ирышьашәалоуп, уи хықәкы заҵәык ауп иамоу − иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи иашьашәалоу амедиахархәагақәеи рфинансыркра есышықәса аргаматәра.
Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала, атәыла анапхгара аартызаара аганахьала иҿырҧшыгоуп, атәыла аиҳабыра ирыдыркыло ақәҵарақәа зегьы, азинтә актқәа зегьы аргама ицәыргоуп, убри аамҭазы еилкаам иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа аартызаара аминималтә стандарт ахьчара зырҭахым.
Аиҳабыра рнапхгаҩы даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит ақырҭуа жәлари Қырҭтәыла аҩызцәеи изакәызаалак зҵаарак рзаанымхарц азыҳәан, атәыла анапхгара ари азакәан иадҳәаланы аргама адискуссиа амҩаҧгара ишазыхиоу.