Аҧыза-министр Аахыҵ Кавказаҿ Европа Аинвестициа банк арегионалтә хаҭарнакра анапхгаҩы диҧылеит
Аҧыза-министр Аахыҵ Кавказаҿ Европа Аинвестициа банк арегионалтә хаҭарнакра анапхгаҩы диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Аахыҵ Кавказаҿ Европа Аинвестициатә банк (EIB) арегионалтә хаҭарнакра анапхгаҩы Мачие Чура диҧылеит. 

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан иреиҕьу афинансқәа институт аҳасабала  EIB аҟны қәҿиарала аусеицура аҵакы. Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭәтыла аекономикатә азҳареи амакроекономикатә тенденциақәа рҿы иҟоу иҵоуроу адинамикеи иалацәажәеит.  

Аиҳабыра рнапхгаҩыМачие Чура  адгыларазы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан Европа Аинвестициатә банк аҧарала имҩаҧгаз, иара убас, уажәы имҩаҧысуа аинвестициатә проектқәа рҵакы, арҭ апроектқәа Қырҭәтыла аинфраструктура арҿиара иазкуп. Ари аконтекстаҿ иаҵшьны иазгәаҭан уажәазы имҩаҧысуа Мрагылара-Мраҭашәаратә магистраль апроект, уи Европа Аинвестициатә банк афинанстә цхыраарала имҩаҧысуеит. 

Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра  EIB аҟны қәҿиарала аусеицура аҵакы ду анаршьоит, ақырҭуа аган агәыҕра ду рымоуп  EIB наҟ-наҟгьы атәылазы аҧыжәара змоу аусхкқәа рҿы аинвестициатә проектқәа аҧара рзоужьҭра нанагӡап ҳәа.