Апенитенциатә маҵзура ҷыда - Абаандаҩы Михеил Саакашвили аамҭала Гортәи агоспиталь аҿы даанхоит
Апенитенциатә маҵзура ҷыда аланарҵәаз аҳәамҭа инақәыршәаны, абаандаҩы Михеил Саакашвили аамҭала Гортәи агоспиталь аҿы даанхоит.
“Ауаажәлар ринтерес ду иазыԥхьагәаҭаны, аҳәамҭа аҟаҵара ҳаӡбеит. Сынтә, ԥхынҷкәын 27 рзы абаандаҩы Михеил Саакашвили ихәышәтәра ахыркәшара ашьҭахь, амедицинатә персонал ирыдыркылаз аӡбара ала уи Гортәи ахәышәтәырҭаҿ аамҭала даанрыжьуеит,” – ианп аҳәамҭа аҿы.