Апатриархиеи еиуеиҧшым арелигиатә конфессиақәеи рхаҭарнакцәа «Праид амчыбжь» иадҳәаланы аҳәамҭа ҟарҵеит
Апатриархиеи еиуеиҧшым арелигиатә конфессиақәеи рхаҭарнакцәа «Праид амчыбжь» иадҳәаланы аҳәамҭа ҟарҵеит.
Қырҭтәыла Апатриархиа апресс-маҵзура анапхгаҩы Андриа Џьаҕмаиӡе ишиҳәаз ала,
ЛГБТ аҵысра алахәылацәа џьоукы рзинқәа рыхьчара акәымкәа, хықәкык ауп ирымоу — акультуратә код аҧсахра, ажәлар уи изақәшаҳаҭхом.
«Ҳара абра ҳаизеит даҽазнык аргама иаҳҳәарц — ҳажәлар ахаангьы уи изақәшаҳаҭхом. Ари азҵаара атәылауаҩратә ҭынчра иаҧырхагоуп, аполиаризациа ахылҵуеит. Убри аҟынтә, ари азҵаара азакәанҧҵаратә аҩаӡараҟны аҭыҧ иқәҵатәуп ҳәа ҳгәы иаанагоит.
Еиуеиҧшым арелигиақәа рхаҭарнакцәа ари азҵааразы ҳгәаанагара еиҧшуп. Ҳара ахаангьы амчылара ҳадгыломызт, аха, ҳзақәшаҳаҭымхо апринципқәа рықәныҟәара ҳадарцалар ҳҭахым», — иҳәеит Андриа Џьаҕмаиӡе.