Апатриарх  Қьырсатәи иажәанҵа
Апатриарх  Қьырсатәи иажәанҵа

 

Наӡаӡатәи ҳҭыҧ абра акәӡам иахьыҟоу  – иаҳәоуп Қырҭтәыла Апатриарх Илиа аҩбатәи Қьырсатәи иажәанҵаҿы.

Ажәанҵаҿы аҿы Илиа аҩбатәи ишазгәеиҭаз ала, ииашаны ҳанхозар, Анцәа хымҧада дҳацхраауеит, уи ицхыраара ҳзаауеит ҳаназыҧшым, ҳахьазыҧшым аҭыҧаҿ.

„Ҳҭаххара нагӡахоит ҳаҧси, ҳгәыи, ҳахшыҩи, ҳажәеи рыла, убри аҟынтә, урҭ ҷыдала ҳреиҷаҳароуп.

Ҳаҧсы аазырҧшуа ҳанамыс ауп.

Анамыс – Анцәа ибжьы ауп.  Уи ишуҭаху ала узазныҟәом, ухы изаурхәом, аҵыхәанӡа иузҧырхом; убналаны уцар уҭаххаргьы ибжьы уаҳауеит, аха ибжьы иатәаумбар, уи ҧсыҽхоит,  иумаҳауа иҟалоит. Иара убас,  «иӡу анамыс» ҳәа ззырҳәо аҟазаашьа иҟоуп, уи ауаҩҧсы идоуҳатә ҧсҭазаара шыуадаҩӡаз иаҳнарбоит.

Агәы – ҳаҧсҭазаара ашьаҭоуп; Анцәа ицәшәара, ацәаныррақәа рдунеи, Анцәа ицзаара агәазыҳәара, абри зегьы ҳәгаҿы иҟоуп.

Ахшыҩ  адәныҟатәи адунеи аилкаараҿы иҳацхраауеит.

Ауаҩҧсы игәыи, ихшыҩи, иҧси агәнаҳарантә ирыцқьахоит аматанеиреи, ачгареи, аҧышәареи рыла, убри азоуп апроблемақәа рыцәшәара зыҟамло.

Ҳара ииашаны ҳанхозар,  Анцәа хымҧада дҳацхраауеит, уи ицхыраара ҳзаауеит  ҳаназыҧшым, ҳахьазыҧшым аҭыҧаҿ», —  иаҳәоуп ажәанҵаҿы.

Апатриарх иҳәамҭала, аиашареи акзаара аиҷаҳареи аҵакы ҷыда рымоуп, избанзар, ҳара агеополитикатә ганахьала иуадаҩу аҭыҧаҿ ҳанхоит, еиуеиҧшым ауадаҩрақәа ҳҧылоит.

«Шәызынтәгьы ишәыдысныҳәалар сҭахуп,   раҧхьа иргыланы – Украина имҩаҧысуа аибашьра алҵшәақәа зхызго ахәыҷқәа, насгьы, ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду рыдысныҳәалоит. Зыҧсҭазаара хьанҭоу ауаа зегьы ирыдысныҳәалоит, избанзар ари аныҳәа ду ауадаҩрақәа рыхгараҿы иҳацхраауеит, агәыҕра ҳаланаҵоит.

Қырҭтәыла иқәынхогьы, аҳәаанырцә иҟоугьы ҳаитәылауаа, доуҳала Вифлеемҟа ҳхы ҳархап апапцәа ҳрыцны Иаса хыҷы дӡыраҳгарцаз”, – иануп Апатриарх Қьырсатәи иажәанҵаҿы.