Апассаџьыртә аихамҩатә аимадара  Ереван — Баҭым — Ереван еиҭалагоит рашәара 14 инаркны
Апассаџьыртә аихамҩатә аимадара  Ереван — Баҭым — Ереван еиҭалагоит рашәара 14 инаркны

Апассаџьыртә аихамҩатә аимадара  Ереван — Баҭым — Ереван еиҭалагоит рашәара 14 инаркны.

Қырҭтәылатәи аихамҩеи Аахыҵ Кавказтәи аихамҩеи иашьашәалоу аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Ереван имҩаҧгаз аиҧылараҿы ишеиқәшаҳаҭхаз ала, агәыларатә тәылақәа рыбжьара апассаџьыртә аихамҩатә реисқәа мҩаҧгахоит ҩымш рахь знык, жьҭаара 1-нӡа, Қырҭтәыла акурортә сезон иашьашәаланы.

Иара убас, аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа аусеицура иаҵанакәа азҵаарақәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирылацәажәеит.