Апарламенттә оппозициа рыхәҭак изаамҭаным асессиа ааҧхьара аҳәарала аҳәамҭа еицыҟарҵеит
Апарламенттә оппозициа рыхәҭак изаамҭаным асессиа ааҧхьара аҳәарала аҳәамҭа еицыҟарҵеит

Апарламенттә оппозициа рыхәҭак изаамҭаным асессиа ааҧхьара аҳәарала аҳәамҭа еицыҟарҵеит. Дара ргәаанагарала , ари ашьаҿа адеполиаризациа иацхраауеит.

 «Ҳара ирыдаагало аусхәаҧштә 12 апунктқәа рҟынтә 3 пункт ирызкуп (аполитикатә полиаризациа аҧыхреи, ихьыҧшым аӡбаратә система аиқәыршәареи, антикоррупциатә агентра аҧҵареи аелитатә коррупциа иазку аусқәа рыхәаҧшреи).  Абарҭ азҵаарақәа зегьы апарламент аҿы ицәыраагахьеит, жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи  ари аинициатива иадгылоит», — иануп аҳәамҭаҿы. Уи авторцәа апарламенттә аиҳара рахь ааҧхьара ҟарҵоит изаамҭаным асессиа аусура рхы аладырхәырц.

«Мамзар, лабҿаба иубарҭахоит шәара Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәеи Европаҟа аинтеграциеи акәымкәа, ишыҟазаалакгьы амчра ахьчара шышәҭаху», — иануп аҳәамҭаҿы.