Апарламенттә оппозициа Иракли Ҕарибашвили имал иадҳәаланы аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аиҿкаара иаҳәоит
Апарламенттә оппозициа Иракли Ҕарибашвили имал иадҳәаланы аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аиҿкаара иаҳәоит

Апарламенттә оппозициа 35ҩык адепутатцәа  Қырҭтәыла ҧасатәи аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили имал иадҳәаланы аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аиҿкаара иаҳәоит.

Апарламентаҿ иашьашәалоу аҳәамҭа ҟарҵеит Ҭамар Корӡаиеи, Леван Бежашвилии, Алеко Елисашвилии, Тако Чарквиании, Ҭеона Акубардиеи,  Қеҭи Туразашвилии.

Корӡаиа ишылҳәаз ала,  аоппозициаа Ҕарибашвили имал иадҳәаланы анапынҵамҭақәа рацәа еизыргеит.

Адепутат лажәақәа рыла,  Қырҭтәыла,  акоррупциа аҧыхразы Европа аҿаҧхьа аҭакҧхықәра ахы аднаҵеит, убри аҟынтә,  уажәы «Ақырҭуа гәахәтәы» иаартны ирҳәароуп акоррупциа алацәажәара иазыхиоу иазыхиаму.