Апарламенттә оппозициа иалоу аҳәса депутатцәа Еврокомиссиа ахада урсула фон дер Лаиен Қырҭтәыла акандидат статус анашьара иазку аҳәамҭа рзылышьҭит.
Апарламенттә оппозициа иалоу аҳәса депутатцәа Еврокомиссиа ахада урсула фон дер Лаиен Қырҭтәыла акандидат статус анашьара иазку аҳәамҭа рзылышьҭит.
“Европатәи аҭаацәара алахәызаара ақырҭуа жәлар аҭоурыхтәи ацивилизациатәи рыӡбароуп. Қырҭтәыла ауааԥсыра реиҳара (ауааԥсыра рыбжьара имҩаԥгаз аҭҵаара инақәыршәаны 90% ргәаанагароуп) Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара иадгылоит.
2009 шықәсазы Евроеидгылаҟны зегьеиырзеиԥшы зхы иақәиҭу ахәаахәҭразы аиқәшаҳаҭра абжьаҵара ашьҭахь, Қырҭтәыла акрызҵазкуа ашьаҿақәа ҟанаҵеит Евроеидгыла алаларазыю Евроеидгыла алаларазы аҳәамҭа Қырҭтәыла 2022 шықәса хәажәкыразы ҟанаҵеит – ари ҳҭоурыхтә адәныҟатәи акурс ашьақәырӷәӷәаран.
2022 шықәса рашәаразы, Евроеидгыла аӡбарала, Украинеи Молдовеи акандидат статус ранашьан, Қырҭтәыла ассоциациатә трио нхыҵ аанхеит, избан акәзар аԥхьагылара иахәамԥшыкәа, Қырҭтәыла акандидат статус анашьара аӡбара ахыԥан.
Ашьаҭатәи ареформақәа рынагӡралеи адәныҟатәи аполитикеи рыла Қырҭтәыла еиҭах аԥхьагылара амоуп, убри аҟынтә апарламент иалоу аоппозициатә адепутатцәа агәра ҳгоит Қырҭтәыла акандидат статус анашьара шақәнаго, ари аҵак ду амоуп иҟоу агеополитикатә ашәарҭақәеи атәылаҿ Урыстәыла анырреи рфонаҿы.
Даҽазнык ааҳарԥшыр ҳҭахуп Қырҭтәыла Евроеидгыла акандида статус анашьара ҳшадгыло.
Европеи арегиони рзы имариам аамҭазы иаҳзеиԥшу ахәынаӡарақәа рыдгыларазы апарламенттә оппозициа иалоу аҳәса депутатцәа иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит”, – иануп аҳәамҭа аҿы.