Апарламенттә оппозициа, «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан амч аанкылара аҳәарала, Аконституциатә аӡбарҭа иадҵаалт
Апарламенттә оппозициа, «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан амч аанкылара аҳәарала, Аконституциатә аӡбарҭа иадҵаалт.
Аоппозициатә депутат Ҭамар Корӡаиа ишылҳәаз ала, лара агәра ганы дыҟоуп Аконституциатә аӡбарҭа ари азакәан амч аанкыларазы аамҭалатәи ақәҵара шаднакыло.
«Апарламенттә оппозициеи, атәылауаҩратә уаажәларреи, АИХқәеи, Қырҭтәыла ахадеи, атәыла ауааҧсыреи рпозициа еиҧшуп.
«Урыстәылатәи азакәан» Қырҭтәыла Аконституциа еиланагоит, Қырҭтәыла адемократиатә аҿиара иаҧырхагоуп ҳәа ҳәгы иаанагоит. Ари азакәан Аконституциатә аӡбарҭаҿы азашшра иаҳуалуп. Ашшыҧхьыӡ рнапы аҵарҩит 38ҩык адепутатцәа.
«Аурыс закәан» амшала Қырҭтәыла зегьы «Ақырҭуа гәахәтәы» иаҿагылеит. Агәра ганы сыҟоуп Аконституциатә аӡбарҭа 78-тәи ахәҭаҷ нагӡаны, ари азакәан амч аанкыларазы аамҭалатәи ақәҵара шаднакыло», — илҳәеит Корӡаиа.