«Ҳара анапхгаратә партиа имҩаҧнаго антимраҭашәаратә кампаниа ҕәҕәала ҳақәыӡбоит. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ари акампаниа Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани Европарламент алахәылацәеи ирыдкьыслеит », — иануп Қырҭтәыла апарламент аоппозициатә депутатцәа рыхәҭак еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭаҿы адепутатцәа анапхгаратә партиахь ааҧхьара ҟарҵоит «адезинформациеи антимрҭашәаратә кампаниеи иаҟәыҵырц».
«Анапхгаратә партиа имҩаҧнаго абри аҩыза адезинформациатә кампаниақәа рымшала Қырҭтәыла ахатә стратегиатә аҩызцәа ацәыӡыр ауеит, ҳпартниорцәа Қырҭтәыла ацхраара иақәыҵыр ауеит. Анапхгаратә партиа имҩаҧнаго аполитика ҳтәыла ашәарҭадара иаҧырхагоуп, ҳтәыла жәларбжьаратәи аизолиациаҿы иҟалар, ампыҵахаларатә Урыстәыла аганаҟынтә ашәарҭара иаҳа идухоит. Ҳара анапхгаратә партиашҟа ааҧхьара ҟаҳҵоит адезинформациеи антимраҭашәаратә кампаниеи иаҟәыҵны, акандидат астатус аиуразы иаҭаху ареформақәа рымҩаҧгаразы аусура иалагарц», — иануп аҳәамҭаҿы, уи рнапы аҵарҩит адепутатцәа Ҭеона Акубардиеи, Хаҭуна Самниӡеи, Ҭамар Корӡаиеи, Анна Бучукурии.