Апарламенттә делегациа Стокгольм, НАТО Апарламенттә ассамблеиа ала еиҿкаау асеминар „Роуз-Роҭ“ иалахәып
Апарламенттә делегациа Стокгольм, НАТО Апарламенттә ассамблеиа ала еиҿкаау асеминар „Роуз-Роҭ“ иалахәып

Жьҭаара 23-24 рзы Стокгольм имҩаҧысуеит НАТО Апарламенттә ассамблеиа ала еиҿкаау   „Роуз-Роҭ“ 104-тәи асеминар  – „Ашәарҭара иҭагылоу апартниорцәа рыдгылара: аҭышәынтәалара аиқәыршәареи, ашәарҭадара арҕәҕәареи, евроатлантикатә интеграциа алахәызаареи”.

Ауснагӡатә иалахәып Қырҭтәыла апарламенттә делегациагьы. Атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы акомитет ахантәаҩы Иракли Бераиа анапхгара ззиуа аделегациа иалоуп Наҭиа Ҵилосании, Гьаргь Чакветаӡеи, Ҭеона Ақубардиеи.

Асеминараҿ абарҭ азҵаарақәа ирылацәажәоит: НАТО ашҟа Швециа аконтрибуциеи апартниорцәа рыдгылареи; ахақәиҭреи ашәарҭадареи рзы Украина ақәҧара; Қырҭтәыла евроатлантикатә амҩа; агибридтә шәарҭарақәа ирҿагылоу ақәҧараҿы Швециа аҧышәа ахархәара.

НАТО Апардламенттә ассамбелиа ауснагӡатә иалахәып Алианс иалоу аҳәынҭқаррақәеи апартниорцәеи рзакәанҧҵаратәи анагӡаратәи мчра ахаҭарнакцәеи НАТО арратә напхгаҩцәеи.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла апарламент апресс-маҵзура.