Апарламенттә алхрақәа рыцклаҧшра амзызла, ОБСЕ/ОДИР анаҧшратә миссиа аусура иалагеит
Апарламенттә алхрақәа рыцклаҧшра амзызла, ОБСЕ/ОДИР анаҧшратә миссиа аусура иалагеит

ОБСЕ/ОДИР анаҧшратә миссиа  жьҭаара 26 рзы имҩаҧысуа апарламенттә алхрақәа рыҵклаҧшра амзызла  аусура иалагеит. Иахьа ари аҳәамҭа ҟаиҵеит амиссиа анапхгаҩы Оуен Мерфи.

Апрессконференциа алагамҭазы Оуен Мерфи амиссиа иаамҭаны ааҧхьаразы ҭабуп ҳәа ҳәаны, имҩаҧыргараны иҟоу аусура далацәажәеит.

„Амиссиа иалоуп  12ҩык жәларбжьаратәи аекспертцәа. Ҳгәыҧ хада Қарҭ иҟоуп, анеҩстәи бжьымчымз рзы аамҭалатәи аофис ааҳартит. Цәыббра  17 рзы даҽа  30ҩык акыраамҭалатәи анаҧшцәа аауеит, дара Қырҭтәыла зехьынџьара, 15 аҵакырадгьылтә акқәа рҿы аусура иалагоит. Алхрақәа рҟнынӡа мышкы шагу Қырҭтәыла иаҭаауеит  350ҩык аамҭакьаҿлатәи анаҧшцәа, дара ишиашо, абжьыҭира апроцесс иацклаҧшуеит, атәыла зехьынџьара апроцедурақәа зегьы ирыцклаҧшуеит“ – иҳәеит Оуен Мерфи.

Иара иажәақәа рыла, алхрақәа рҟнынӡа ҩымчыбжь анаанхалак, жәларбжьаратәи анаҧшратә миссиа ахаҭарнакцәа абжьаратә аҳасабырба цәырыргоит, аҵыхәтәантәи аихшьаала цәырыргоит алхратә  процесс анхыркәшалак мызқәак рышьҭахь.