Апарламентбжьаратә еидгыла Ассамблеиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ақырҭуеи украинатәи аделегациақәа еиҧылеит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили анапхгара ззиуаа аделегациа алахәылацәа Украинатәи Рада аханатәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Корниенко иҧылеит.
Аиҧылараҿы Шьалуа Папуашвили даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло, иара ишиҳәаз ала, ари аибашьра европатәи ашәарҭадара иаҧырхагоуп.
Иара убас, Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла Украина иазоунашьҭуа ацхыраарагьы далацәажәеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак ревроинтеграциа апроцесс иазааҭгылеит. Шьалуа Папуашвили Еврвоеидгыла 12 абжьагарақәа рынагӡара ахырхарҭала Қырҭтәыла иҟоу апрогресс дахцәажәеит.