Апарламент Жәлар рыхьчаҩ иалхра аҧҟара аҧсахра иазку азакәанпроект ахҧатәи аҧхьарала аднакылеит
Апарламент Жәлар рыхьчаҩ иалхра аҧҟара аҧсахра иазку азакәанпроект ахҧатәи аҧхьарала аднакылеит. Аҧсахрақәа ирықәшаҳаҭхеит 83ҩык адепутатцәа, аӡәгьы мап ацәиимкит.
Аҧсахрақәа инрықәыршәаны, ҳаҧхьаҟа Жәлар рыхьчаҩ аамҭала далырхуеит. 2022 шықәса анҵәамҭаз Жәлар рыхьчаҩ иҭыҧ азы акандидатурақәа апарламент адаргалоит апарламент ахантәаҩы иҟаиҵо адҵа инақәыршәаны.
Лымкаала, апарламент ахантәаҩы адҵа ҟаиҵоит акандидатцәа ахәшьара рыҭара иазку аусуратә гәыҧ аиҿкаара иазкны, агәыҧ иалалоит жәҩык алахәылацәа — атәылауаҩратә уаажәларра ахаҭарнакцәа, апрофессионалтәии академиатәи гәыҧқәагьы нрылаҵаны.
Арегламент инақәыршәаны, агәыҧ алахәылацәа Қырҭтәыла иатәылауаҩым, мамзаргьы, ҧаса Жәлар рыхьчаҩ иҭыҧ аанызкылахьаз ауаҩҧсы икандидатура иахәаҧшуам.
Жәлар рыхьчаҩ иҭыҧ аанкыларазы быжьҩык иреиҵамкәа акандидатцәа ҟалар, апарламент акандидатурақәа рыхәаҧшра иалагоит. Мамзар, апроцедурақәа зегьы аханатә имҩаҧыргоит.