Қырҭтәыла апарламент иахьатәи апленартә аилатәара Европа агимн ала иалагеит.
Аилатәара иалагаанӡа апарламент ахатәаҩы Шьалуа Папуашвили атәылауаа акандидат статус аура рыдиныҳәалеит.
Папуашвили иажәақәа рыла, иацы Қырҭтәыла аихьӡарақәа рышьаҭала аиуит Евроеидгыла алаларазы акандидат тәыла астатус, ари аҭоурыхтә хҭысуп.
„Ахьыԥшымра аиура амш инаркны аҭоурыхтә ҭыԥ азыхынҳәра акәын амилаҭтә хықәкыс иҳамаз. Европа гәык ала азыҟазаара ашьақәырӷәӷәара аҭахым, ҳаззегь ажәытә европатәи қьырсиацәа ҳауп.
Ари аус аҿы алагала змоу ауаҩы цыԥхьаӡа иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп. Ишәыдысныҳәалоит. Европа агимн ҳгыланы ҳазыӡырҩып”, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.
Ԥхынҷкәын 14 рзы Европатәи ахеилак аӡбарала Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы атәыла-кандидат статус анашьан.
Еврокомиссиа Қырҭтәыла акандидат тәыла астатус анашьаразы арекомендациа ҟанаҵеит абҵара 8 рзы.
“Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе 2022 шықәса хәажәкыразы иҟаиҵаз аҳәамала, Қыртәыла акандидат статус аиуразы Еврокомиссиа адҵаалеит. Хәажәкыра 3 рзы Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили аофициалтә арзаҳал инапы аҵаиҩит.