Апарламент иахьатәи еилатәараҿ Қырҭтәыла ахада иалхра арыцхә шьақәдырӷәӷәоит.
Апарламент ахаалнапхгараҭаратә комитет ахантәаҩы Иракли Қадагишвили иажәақәа рыла, ахада иҭыԥ ахь акандидат ихьӡ ԥыҭраамҭак ашьҭахь еилкаахоит.
“Ахада абжьыҭаҩцәа ракзаарадалырхуеит. Ахада иҭыԥ ахь акандидат ихьӡ ԥыҭраамҭак ашьҭахь еилкаахоит. Ахада азҵаарақәа реиҳарак рҿы асимволтә зинқәа имоуп. Аполитикатә амбициақәеи иреалу анапхгараҭаратә зинқәеи еиқәшәом. Ахада ҿыц истатус иашьашәаланы далырхуеит”, – иҳәеит Қадагишвили.
Аконституциа ҿыц ала иԥсаххеит ахада иалхра аҵас. Қырҭтәыла ахада 5 шықәса ҳәа ҿҳәарас иҭаны, адебатқәа рымҩаԥгарада, иаарту абжьаҭараҿы Алхратә коллегиа далнахуеит. Хаҿрак Қырҭтәыла Ахада иаҳасабала иалхра ҟалоит ҩынтә иреиҳамкәа. Қырҭтәыла Ахадас иалхра ауеит абжьаҭаратә зин змоу, 40 шықәса ирҭысхьоу, аҵыхәтәантәи 15 шықәса Қырҭтәыла аҳәынҭқарраҿы инхо. Алхратә коллегиа иалахәуп 300-ҩык, Апарламент алахәылацәа убрахь иналаҵаны, Аԥсни Аџьариеи равтономтә республикақәа иреиҳаӡоу аорганқәа
ралахәылацәа. Органикатә закәан инақәыршәаны Алхратә комиссиа хада аквотақәа рыла, аҭыԥантәи анапхгараҭаратә органқәеи апартиақәеи ралахәылацәа роуп Алхратә коллегиа иалахәу. Аквотақәа рызҵаараҿы акраӡбоит дгьылҵакырала анашьҭымҭацәеи, алхрақәа рҟны еиҳа еиӷьны иааԥшызи рыла. Алхратә коллегиа алахәылацәа рсиа шьақәнарӷәӷәоит
Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хада. Қырҭтәыла Ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит Апарламент Ахан аҟны. Қырҭтәыла Ахада икандидатура ақәыргылара азин рымоуп Алхратә коллегиа
алахәылацәа 30-ҩык иреиҵамкәа. Алхратә коллегиа алахәыла аӡәы азин имоуп кандидатк идгылара, иеиҳамкәа. Алхрақәа актәи рыхәҭаҿы далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп Алхратә коллегиа алахәылацәа рҟнытә хынтә ҩ-хәҭак зыдгылаз акандидат.