Апарламент ахантәаҩы НАТО Арратә комитет ахантәаҩы диҧылеит
Апарламент ахантәаҩы НАТО Арратә комитет ахантәаҩы диҧылеит

Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили НАТО Арратә комитет ахантәаҩы,  адмирал Роб Бауер диҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла апарламент.

Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа арратә усхкы аҿы Қырҭтәылеи НАТОи  русеицуреи,  арегионалтә шәарҭадареи,  Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитика иазку зҵакы дуу азҵаарақәеи ирылацәажәеит. Иара убас,  Еврокомиссиа  Қырҭтәыла акандидат астатус анашьаразы иҟанаҵаз абжьагареи анеҩстәи ашьаҿақәеи ирзааҭгылеит.

Апарламент ахантәаҩы асасцәа Қырҭтәыла ацхрааразы ҭабуп ҳәа раҳәаны,  иаҵшьны иазгәеиҭеит НАТО зыҩаӡара ҳараку анапхгара рвизит Қырҭтәылазы аҵакы ду шамоу. Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла имҩаҧысуа аполиткиатә процессқәеи адәныҟатәи аполитика ахадаратә хырхарҭақәеи,  арегионалтә шәарҭадара аганахьала иҟоу апроблемақәеи дрылацәажәеит.

Адмирал Бауер, арратә усхкы аҿы Қырҭтәылеи НАТОи русеицуреи Қырҭтәыла арратә ахиазаареи аҭышәынтәалареи аганахьала иҟоу апрогресс азгәеиҭеит.

Аиҧылара рхы аладырхәит апарламент аҿы иҟоу Атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы акомитети адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитети рхантәаҩцәа Иракли Бераиеи Николоз Самхараӡеи,  НАТО аҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Виктор Долиӡеи,  Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәеи.