Апарламент аҩбатәи аҧхьарала иаднакылеит «Адеолигархизациа иазку» азакәанпроект
Апарламент аҩбатәи аҧхьарала иаднакылеит «Адеолигархизациа иазку» азакәанпроект

Апарламент аҩбатәи аҧхьарала аднакылеит  «Адеолигархизациа иазку» азакәанпроект. Азакәанпроект иадгылеит  76-ҩык адепутатцәа,  фҩык иақәшаҳаҭымхеит.

Апроект инақәыршәаны,  ауаажәларратә ҧсҭазаараҿы аекономикатәи аполитикатәи  анырра ду змоу ахаҿыс  (олигархс) дыҧхьаӡоуп еиқәыҧхьаӡоу 4 критериак рҟынтәи хҧа иреиҵамкәа ирышьашәалоу ауаҩҧсы: аполиткиатә ҧсҭазаара далахәып; амассатә информациа ахархәагақәа рзы анырра ду имоуп; аџьармыкьаҿ аҧыжәара змоу,  шықәсык иалагӡаны ари аҭагылазаашьа зыхьчо ма еиҕьазтәуа  аиуристтә хаҿы ахархәаҩцәа дреиуп; зыӡбахәы ҳәоу ахаҿи иара ахархәаҩс дахьыҟоу аиуристтә хаҿқәеи  ишьақәырҕәҕәоу рактивқәа ҳазну ашықәс ажьырныҳәа 1 аҭагылазаашьала  1 000 000-нтә ахныҟәгаратә минимум еиҳазар.

Аолигархцәа зегьы ареестр ҷыда иалагаланы,  асанкциақәа рзышьақәдыргылоит. Лымкаала,  дара аполитикатә партиақәа аҧара рзоушьҭреи,  аобиект дуқәа рприватизациа алахәызаареи,  аполитикатә кампаниақәеи аполитикатә аҳәарақәа змоу амитингқәа  рымҩаҧгареи  аҧара азоушьҭреи  азин роуам.