Апарламент аҿы ахада лимпичмент азҵаара жьҭаара 18 рзы иахәаԥшуеит
Апарламент аҿы ахада лимпичмент азҵаара жьҭаара 18 рзы иахәаԥшуеит

Апарламент аҿы ахада лимпичмент азҵаара жьҭаара 18 рзы иахәаԥшуеит. Азҵаара ахәаԥшра асааҭ 12:00 рзы иалагоит.

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иажәақәа рыла, ахада ладминистрациаҟны аимадара иман, урҭ шьақәдырӷәӷәеит ахада Саломе Зурабишвили аилатәарашҟа дышнеиуа.

Аконституциатә аӡбарҭа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лыла Аконституциа аилагара афакт  шьақәнаргылеит. Ари ашьҭахь азҵаара азакәанԥҵаратә аиҿкаарахь ииасит. Атәыла ахада ламхразы апарламент 100-ҩык адепутатцәа рбыжьқәа аҭахуп.