Апарламент аҧхьа акциа алахәылацәеи азинхьчаҩцәеи еиҿагылеит
Апарламент аҧхьа акциа алахәылацәеи азинхьчаҩцәеи еиҿагылеит

Қырҭтәыла апарламент аҧхьа акциа алахәылацәеи азинхьчаҩцәеи еиҿагылеит.

Аполицаицәа џьоукы ари аҭыҧ иалыргеит, аха,  арҭ ауаа иааныркылоу иаанырымкылоу макьана идырым.

Азинхьчаҩцәа акциа алахәылацәа амашьынамҩа ҭадырцәырц ирыҳәеит, абри ауп аиҿагылара зыхҟьаз.

Русҭавели имҩадуаҿ акциа иалагеит асааҭ  12:00 рзы. Ақциа алахәылацәа иацы ҩыџьа адемонстрантцәа раанкылара иадҳәаланы апротест ҟарҵон. Дара ишырҳәаз ала,  арҭ ауаа ааныркылеит дара  азинхьчаҩцәа Мшаҧы аныҳәа ахьрыдырныҳәалоз амшала.