Апарламент аҧхьа акциа алахәылацәеи азинхьчаҩцәеи аамҭа-аамҭала аимак рыбжьалоит
Апарламент аҧхьа акциа алахәылацәеи азинхьчаҩцәеи аамҭа-аамҭала аимак рыбжьалоит

Апарламент аҧхьа акциа алахәылацәеи азинхьчаҩцәеи еиҭах аимак рыбжьалеит.

Аполицаицәа џьоукы ари аҭыҧ иалыргеит, аха,  арҭ ауаа иааныркылоу иаанырымкылоу макьана идырым.

Уаанӡа азинхьчаҩцәа акциа алахәылацәа амашьынамҩа ҭадырцәырц ирыҳәеит, абри ауп аиҿагылара зыхҟьаз.

Анеҩс, акциа алахәылацәа аныҟәара анымҩаҧыргоз, дареи азинхьчаҩцәеи еиҭах аимак рыбжьалеит.

Русҭавели имҩадуаҿ акциа иалагеит асааҭ  12:00 рзы. Ациа алахәылацәа иацы ҩыџьа адемонстрантцәа раанкылара иадҳәаланы апротест ҟарҵон. Дара ишырҳәаз ала,  арҭ ауаа ааныркылеит дара  азинхьчаҩцәа Мшаҧы аныҳәа ахьрыдырныҳәалоз амшала.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминситрра адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу ҩыџьа ауааҧсыра административтә ҧҟарала иаанкылоуп азинхьчаҩцәа рҳәатәы ахаҵамразы.