Апарламент алахәылацәа Ҭеона Ақубардиа, Хаҭуна Самниӡе, Ҭамар Корӡаиа, Хатиа Деканоиӡе, Анна Бучукури, Анна Нацвлишвили аҳәамҭа еицыҟарҵеит
Апарламент алахәылацәа Ҭеона Ақубардиа, Хаҭуна Самниӡе, Ҭамар Корӡаиа, Хатиа Деканоиӡе, Анна Бучукури, Анна Нацвлишвили аҳәамҭа еицыҟарҵеит

Апарламент алахәылацәа Ҭеона Ақубардиа, Хаҭуна Самниӡе, Ҭамар Корӡаиа, Хатиа Деканоиӡе, Анна Бучукури, Анна Нацвлишвили аҳәамҭа еицыҟарҵеит. Апарламент алахәылацәа рҳәамҭаҿ ишану ала, иҳаҩсыз ашықәс азы партиак мацара аӡбамҭа инақәыршәаны  азеиԥш аӡбарҭақәа ирызку аоргантә закәан ирласӡаны иалалаз аԥсахрақәа, жәларбжьаратәи апартниорцәеи Венециатәи акомиссиеи ахәшьара цәгьа арҭеит.

“Ари азҵаара аконституциатә аӡбарҭаҿ иахәаԥштәуп. Қырҭтәыла апарламент аиуристтә комитет ахантәаҩы Анри Оханашвили аконституциатә аӡбарҭаҿ ари аус азы аӡбаҩ Гиорги Кверенчхилаӡе икандидатура ақәгара иазкны ипозициа ааирԥшит.

Анапхгаратә партиа адепутатцәаАконституциатә аӡбарҭаҿ иахәаԥшраны иҟоу ашшыԥхьыӡ иазкны аполитикатә ҳәамҭәақәа ҟарымҵароуп, ари аконституциатә абарҭа ақәыӷәӷәара ауп,” – иануп аҳәамҭа аҿы.

Қырҭтәыла апарламент аиуристтә комитет ахантәаҩы Анри Оханашвили азеиԥш аӡбарҭақәа ирызку аоргантә закәан иалалаз аԥсахрақәа ирызку аус азы аконституциатә аӡбарҭ аӡбаҩ Гиорги Кверенчхилаӡе икандидатура ақәгара идҵаны иқәиргылеит.

Оханашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, аконституциатә аӡбарҭа аӡбаҩ Гиорги Кверенчхилаӡе асоциалтә каҭаҿы аӡбаҩк игәаанагара – азакәан аӡбаҩцәа ршәара ауп хықәкыс амоу ҳәа- игәаԥхеит. Анри Оханашвили игәаанагара ала, аӡбаҩ Гиорги Кверенчхилаӡе ари аус инапы иақәымшәароуп.