Апарламент, актәи аҧхьарала аднакылеит аҳәынҭқарра-политикатә маҵзуҩцәа аџьаҧса рыҭара иазку ариашара
Қырҭтәыла апарламент, актәи аҧхьарала иадгылеит «Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аџьаҧса иазку» азакәан иалагалоу ариашарақәа.
Ариашарақәа инрықәыршәаны, аҳәынҭқарра-политикатә маҵзуҩцәа рџьаусҧса азакәан ала ишьақәыргылоу акоеффициентқәа ирышьашәалазаауеит. Убри аҟынтә, зыӡбахәы ҳәоу аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа ироуа аџьаҧса шьақәыргылахоит акоеффициентқәа абазистә аулафатәы ала рышьҭыхра ала. Убри адагьы, хыхьтәи акоеффициентқәа рыҧсахуам.
Зыӡбахәы ҳәоу азакәанҧҵаратә ариашара ала иҳәаақәҵоуп ҵаҟа еиқәыҧхьаӡоу аполитикатә хаҿқәа рџьаусҧса: Қырҭтәыла ахада, аҧыза-министр, аҳәынҭқарратә министр, Автономтә республика Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, уи ихаҭыҧуаа, Автономтә республика Иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәа уҳәа, убас егьырҭгьы.
Азакәанпроект инақәырәшаны, ариашарақәа амч роуеит 2025 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла апарламент апресс-маҵзура.