Апарламент аилатәараҿ Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьцәа ргәаладыршәеит минуҭктәи аҿымҭрала
Апарламент аилатәараҿ Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьцәа ргәаладыршәеит минуҭктәи аҿымҭрала

Апарламент апленартә аилатәараҿ Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьцәа ргәаладыршәеит минуҭктәи аҿымҭрала.

“Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Украина аганахьала Урыстәыла имҩаԥнаго агрессиа амшала иҭахеит фҩык ақырҭуа аибашьцәа, фҭаацәарак ирцәыӡит аԥацәа, ахацәа, аиашьцәа, абацәа. Қырҭтәыла апарламент ахьӡала арҭ аҭаацәарақәа, Қырҭтәыла ауааԥсыра срыдашшылар сҭахуп, иҭахаз ақырҭуа аибашьцәа минуҭктәи аҿымҭрала иаҳгәалашәап”, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Аинформациа Қырҭтәыла апарламент апрессмаҵзура аланарҵәеит.