Апарламент аилатәаратә залаҿ аинцидент ҟалеит
Апарламент аилатәаратә залаҿ аинцидент ҟалеит

Апарламент аилатәаратә залаҿ аинцидент ҟалеит. Апленартә аилатәараан ҧҳәыск   «Урыстәылатәи азакәан мап ацәаҳкуеит» зныз атранспорант цәырылгеит.

Апарламент ахантәаҩы  Шьалуа  Папуашвили ари аинцидент даргәамҵит.

Убри ашьҭахь апленартә аилатәараҿы «Зхаҭабзиара ҳараку аҵара аҿиара иазку» азакәан аҩбатәи аҧхьарала ахәаҧшра иалагеит, аха,  адепутатцәа аимак рыбжьалан,  ари апроцесс аанкылан.

Апарламент ахантәаҩы  адепутатцәа рҽырҭынчырц дрыҳәеит.

Шьалуа Папуашвили сааҭбжак аҧсшьара рылеиҳәан,  аилатәара еиҭалагаанӡа абиуро аилатәара мҩаҧгахоит ҳәа рылеиҳәеит,  аха,  уигьы хырҧан амш актәи азбжазы акомитетқәа аусура иахьахьымӡаз амшала.