Апарламент иаднакылеит ахада вето зқәылҵаз "Алхратә закәанеидкыла" аԥсахрақәа
Апарламент иаднакылеит ахада вето зқәылҵаз "Алхратә закәанеидкыла" аԥсахрақәа

Апарламент аднакылеит ахада вето зқәылҵаз “Алхратә закәанеидкыла” аԥсахрақәа, апарламент иақәшаҳаҭымхеит ахада амотивациа змаз лызгәаҭақәа. Азгәаҭақәа ирыдгылеит 21-ҩык адепутатцәа, иаҿагылеит 61-ҩык.

“Алхратә закәанеидкыла” аԥсахрақәа актәи аредакциа иадгылеит 78-ҩык, иаҿагылеит 13-ҩык.

Ахада амотивациа змаз лызгәаҭақәа иахьатәи апленартә аилатәараҿ ирыхәаԥшит, уи ашьҭахь аҵәҭаԥсара мҩаԥган. Арегистрациа иахысит 116-ҩык адепутатцәа.

“Қырҭтәыла алхратә закәанеидкыла” аԥсахрақәа апарламент аларгалеит жәабран 20 рзы. Саломе Зурабишвили азакәан вето ақәылҵеит хәажәкыра 5 рзы.