Апарламент «Аҭаацәаратә ацқьареи, зықәра наӡам  хаҿқәа рыхьчареи» ирызку азакәанқәа рпакет актәи аԥхьарала аднакылеит
Апарламент «Аҭаацәаратә ацқьареи, зықәра наӡам хаҿқәа рыхьчареи» ирызку азакәанқәа рпакет актәи аԥхьарала аднакылеит

Апарламент 78 бжь рыла «Аҭаацәаратә ацқьареи зықәра имнеиӡац ахаҿқәа рыхьчареи» ирызку азакәанқәа рпакет актәи аԥхьарала аднакылеит.

Абжьыҭира апленартә еилатәараҿ мҩаԥган.

Апарламент ахантәаҩы иажәақәа рыла, иахьа апарламент ихадоу аӡбамҭа аднакылеит.

«Қырҭтәыла апарламент ихадоу аӡбамҭа аднакылеит, лаҵара 17 рзы Қырҭтәыла амилаҭтә референдум мҩаԥган, миллионла Қырҭтәыла атәылауаа дәылҵны, ари апакет шадгыло шьақәдырӷәӷәеит. Иахьа ари апакет актәи аԥхьарала ҳадаҳкылеит. Иара убас аконституциатә закәан ҳахцәажәеит. Аконституциатә закәан адкыларазы абжьқәа 3\4 аҭахуп. Аоппозициаа аилатәараҿ имааӡацт. Убри аҟынтә абжьыҭира иасгоит», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.