Апарламент аԥхьа, Русҭавели имҩаду аҿы аоппозициаа аҽагыларатә акциа мҩаԥыргоит. Русҭавели имҩаду аҿы автотранспорт аиҭаҵра аанкылоуп.
Акциа алахәылацәа ишырҳәо ала, жьҭаара 26 рзы имҩаԥгаз алхрақәа рылҵшәақәеи жәеизатәи ааԥхьара змоу апарламенти иазхарҵом. Акциа алахәылацәа уахынла апарламент аԥхьа гылан.
Азакәанхьчаҩцәа азакәанԥҵаратә еиҽкаара аԥхьа амобилизаци арзууп.