Апарламент ҭагалантәи асессиа иалагеит Шови иҟалаз арыцҳара иалаӡыз ауааҧсыра ргәаларшәара иазкыз минуҭтәи аҿымҭрала
Қырҭтәыла апарламент ҭагалантәи асессиа иалагаанӡа, адепутатцәа, минуҭтәи аҿымҭрала, Шови иҟалаз аҧсабаратә рыцҳараан иҭахаз ауааҧсыра ргәаладыршәеит.
Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ишиҳәаз ала, нанҳәа 3 рзы атәыла зегьы арыцҳара ду иақәшәеит.
«Нанҳәа 3 рзы ҳтәыла зегьы арыцҳара ду иақәшәеит. Ҷыдала бзиа иаабо аҭыҧ ҧшӡаӡаҿы аҧсабаратә рыцҳара ҟалеит, ари арыцҳара иалаӡит даӡәымкәа ҳтәылауаа, ахәыҷқәагьы аҳәсагьы инрылаҵаны. Иҭахаз ауаа руацәа даҽазнык срыдашшылар сҭахуп», — иҳәеит Папуашвили.
Нанҳәа 3 рзы Шови адгьылҳәазара ҟалеит. Аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ 31ҩык рыҧсыбаҩқәа аарҧшуп, даҽа ҩыџьа рыҧшаара иаҿуп.