Апараӡиудо | Гьаргь Қалдани Апараолимпиатә хәмаррақәа рвице-чемпионуп  #1TVSPORT
Апараӡиудо | Гьаргь Қалдани Апараолимпиатә хәмаррақәа рвице-чемпионуп  #1TVSPORT

Париж имҩаҧысуа Апараолимпиатә хәмаррақәа рҿы аӡиудоист Гьаргь Қалдани  (J2 – 73 кг.) араӡнытә медаль игеит. Ақырҭуа ақәҧаҩ афиналаҿ аиапон Сето диацлабуан, аха, даҵахан, араӡнытә медаль игеит. Гьаргь Қалдани ари атурнираҿ Қырҭтәыла аизга афбатәи амедаль азааигеит.

Иахьа ари атурнираҿ иқәгыло егьи  ақырҭуа ӡиудоист Ина Қалдани (J2 – 70 кг.) минуҭқәак рышьҭахь аџьазтә медаль дазықәҧоит.