«Апандемиа амшала, сынтәа «Ҭбилисоба» мҩаҧысуам», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе ақалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.
Иара иажәақәа рыла, уажәазы ауаа ргәабзиареи ршәарҭадареи ауп аус злоу.
«Ажьырныҳәа алагамҭаз аҳҭнықалақь аныҳәамш мҩаҧаагоит. Аха, ҵыҧх «Ҭбилисоба» ҳзымҩаҧаҳамгеит. Сынтәагьы, апандемиа амшала, ари аныҳәа ҳзымҩаҧаагом. Ҳара уажәгьы акоронавирус ҳаҿагыланы ҳақәҧоит. Убри аҟынтә, ауаа ргәабзиареи ршәарҭадареи ауп ахадаратә ҵакы змоу, сынтәагьы аныҳәатә уснагӡатәқәа рымҩаҧгара ҳалшом», — иҳәеит Каха Калаӡе.
Иара иажәақәа рыла, ауааҧсыра «Ҭбилисоба» иазку аконцерти аҳаҭыртә қарҭаа анашьамҭақәа рыҭара ацеремониеи рбар рылшоит ишиашо ицо аефир аҿы.