Аоппозициатә фпартиак аҩбатәи аԥхьараан "аурыс закәан" аҿагылара иазкны аҳәамҭа аладырҵәеит
Мраҭашәаратә курс змоу аоппозициатә партиақәа ақырҭуа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа мшаԥы 28 имҩаԥыргаран иҟоу амарш аҽалархәра ҳгәы иҭоуп, Қырҭтәыла ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аҭынчратә аҿагыларала Европа ҳшадгыло, “аурыс закәан” ҳшаҿашыло аадырԥшырц, – иаруп аоппозициатә партиақәа еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.
“Мшаԥы29 рзы “Ақырҭуа гәахәтәы” аизара мҩаԥнагоит, ари аизарашҟа мчыла иааргоит аҳәынҭйарратә усҳәарҭақәа рҿы аус зуа ауааԥсыра, ари ала арҭ ауаа раҳаҭыр ладырҟәоит, урҭ европатәи ҳԥеиԥш аҿагылара рхы аладырхәоит, ари апровокациоуп.
Мшаԥы 29 рзы имҩаԥысран иҟоу аизара хықәыс амоуп ақырҭуа шәлар реиҟәыҭхара, ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иазкны ииашам адырра аларҵәара.
Мраҭашәаратә курс змоу аоппозициатә партиақәа ақырҭуа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа мшаԥы 28 имҩаԥыргаран иҟоу амарш аҽалархәра ҳгәы иҭоуп, Қырҭтәыла ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аҭынчратә аҿагыларала Европа ҳшадгыло, “аурыс закәан” ҳшаҿашыло аадырԥшырц!“ – иануп апартиақәа “Ахали”, “Гирчи”, “Дроа”, Иаку амилаҭтә ҵысра”, “Ареспубликатә партиа”, “Астратегиа Аӷмашенебели” еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.