Аоппозициатә аполитикатә партиақәа «Ахали», «Гирчи», «Дроа», «Иаку амилаҭтә ҵысра», «Лело», «Ареспубликатә партиа», «Аҕмашенебели истратегиа» аҳәамҭа еицыҟарҵеит.
Аҳәамҭа ишану ала, ««Ақырҭуа гәахәтәы» , закәандарала, аполициатә хәҭақәа рхы иадырхәоит аҭынчратә аизарақәеи адемонстрациақәеи иазку аконституциатә зин аҿагыларазы. Арҭ ахәҭақәа, аиҿкаара ахьчара ацынхәрас, аҭынчуаа ирҿагылоит»».
«Ауаа рыпҟара, аҭынчратә акциа алахәылацәа рышьҭацара, аполициатә хархәага ҷыдақәа закәандарала рхархәара, аизареи адемонстрациақәеи рзы азин закәандарала аҧкра — абарҭ ацәгьаурақәа ҟазҵаз ауаа зегьы хымҧада аҭакҧхықәра агара рықәшәоит, дара ихьыҧшым аӡбара ииаша аҿаҧхьа иқәгылоит.
Ҳара Қырҭтәыла ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит, ҳуааҧсыра ажәа раҳҭоит Иванишвили иавторитартә режим аҵыхәҧҵәареи акаолициатә европатәи аиҳабыра аиҿкаареи ашьҭахь, шәара шәҿаҧхьа уаҳа ахаангьы асабрадқәа зҿоу аотриад ҷыда шықәымгыло, аҭынчратә аизарақәеи аманифестациақәеи раан дара уаҳа ахаангьы шәконституциатә зинқәа шеиларымго.
Ҳажәлар аиааира ргаанӡа, ҳара аурыс закәани «урыстәылатәи арежими» ҳарҿагыланы ақәҧара наҳагӡоит.
Европа — ааи! Урыстәылатәи азакәан — мап ацәаҳкуеит! Урыстәылатәи аиҳабыра — мап рцәаҳкуеит!», — иануп аҳәамҭаҿы.