Аоппозициа аҟынтә аҳәса-депутатцәа атәыла аиҳабыра ирыҳәоит Урыстәылаҟа ишиашо ареисқәа рзы иҟарҵаз азин аҧырхырц
Аоппозициа аҟынтә аҳәса-депутатцәа атәыла аиҳабыра ирыҳәоит Урыстәылаҟа ишиашо ареисқәа рзы иҟарҵаз азин аҧырхырц

Аоппозициа аҟынтә хәҩык аҳәса-депутатцәа атәыла аиҳабыра ирыҳәоит Урыстәылаҟа ишиашо ареисқәа рзы иҟарҵаз азин аҧырхырц. Аоппозициатә депутатцәа Ҭеона Ақубардиеи, Анна Нацвлишвилии, Хаҭиа Деканоиӡеи, Хаҭуна Самниӡеи, Анна Буҷукурии  иахьатәи абрифинг аҿы ишырҳәаз ала, Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара ишиашо авиаеимадара атәылазы шәарҭоуп.

Аҳәса-депутатцәа ражәақәа рыла, анапхгаратә гәыҧ атәыла Мраҭашәарантә аиҟәҭхара рҽазыркит.

«Урыстәылатәи ампыҵахалара иаҳа ианыҕәҕәахо, ампыҵахалатә цәаҳәаҿы ҳтәылауаа анааныркыло аамҭазы, ҳтәыла ауааҧсыра зегьы Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиура шырҭаху аргама анаарыцҳауа,  36 ҳәынҭқаррақәа Урыстәылаҟны ишиашо аҧыррақәа анааныркыла аамҭазы, ақырҭуа напхгара Кремль аҟынтә аҳамҭа роун, Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧши ҳтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ашәарҭара иҭадыргылеит », — илҳәеит Ҭеона Ақубардиа.

Апартиа  «Лело» ахаҭарнак  Анна Нацвлишвили ишылҳәаз ала, «Ақырҭуа гәахәтәы» атәыла евроинтеграциа апроцесс ааха ду азааргеит.

«Ҳара Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ишиашоу ареисқәа рзы иҟарҵаз ақәшаҳаҭхара аҧырхырц. Атәыла, ганкахьала, Европа алалареи, егьи аганхьала Урыстәылатәи ақәыҧшылара алалареи  аҽазкра залшом. Ари аӡбара иҧырхзароуп.  Мамзар, 12 абжьагарақәа рынагӡара ҳҭахушәа иаҳҳәо зегьы башахоит.  Зыӡбахәы ҳәоу аӡбарала,  «Ақырҭуа гәахәтәы», Қырҭтәыла ашәарҭадареи европатәи аинтеграциеи ааха ду азааргеит», — илҳәеит  Нацвилишвили.