Аопереи абалети атеатр аҿы Лиана Исакаӡе лтәылауаҩратә панихида мҩаҧысуеит
Аопереи абалети атеатр аҿы Лиана Исакаӡе лтәылауаҩратә панихида мҩаҧысуеит

Зақариа Палиашвили ихьӡ зху Аопереи абалети атеатр аҿы Лиана Исакаӡе лтәылауаҩратә панихида мҩаҧысуеит.

Апанихидашҟа инеины Лиана Исакаӡе луацәа ирыдашшылеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, акультуреи аспорти рзы аминистр Ҭеа Ҵулукиании, Қарҭ ахада Каха Калаӡеи.

Аскрипкарҳәаҩы Лиана Исакаӡе Махаҭа ашьхаҿ, ауаажәларратә усзуҩцәа рпантеонаҿ иахьа анышә дамардоит.

Амузыкант, аскрипкарҳәаҩы Лиана Исакаӡе  78 шықәса дшырҭагылаз лыҧсҭазаара далҵит.