Аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит Шәамахьтәыла атәылахьчара аминистр 

15:40, 22.04.2026

Аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит Шәамахьтәыла атәылахьчара аминистр Сурен Папикиан. Ари аинформациа аланарҵәеит Атәылахьчара аминистрра.

Аминистрра адыррақәа рыла, Атәылахьчара аминистрраҿы аҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган. Аделегациақәа рылахәылацәа ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧыргеит, уаҟа атәылахьчара аусхкы аҿы ҩ-ганктәии арегионалтәии аусеицура иаҵанакәа азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аиҧылара ашьҭахь,   Шәамахьтәыла атәылахьчара аминистр Афырхацәа рмемориалаҿ ашәҭқәа шьҭеиҵеит.

Қырҭтәыла ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Сурен Папикиан Ҵеровани иҟоу арратә маҵзуҩцәа реиҭашьақәыргыларатә центр даҭаауеит.

 

 

Еиԥшу