Аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 1 065 848-ҩык, нанҳәа 22 рзы алаҵа рзыҟаҵан 17 670-ҩык
Нанҳәа 26 рзы иҟоу аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 1 065 848-ҩык ауааҧсыра, – ари атәы аарыцҳаит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр аҟынтә.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла алаҵа рзыҟаҵан 26 700-ҩык. Қырҭтәыла дозак рзыҟаҵоуп 734 112-ҩык, аҩ дозак рзыҟаҵоуп 331 736-ҩык.
Иахьа Қырҭтәыла акоронавирус 4 128 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 5 611-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, иԥсит 79-ҩык.