Антониу Кошта - 2008 шықәсазы Қырҭтәыла ажәылареи 2014 шықәсазы Крым аннексиеи ашьҭахь ҳара Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа наҳагӡар ҳҭахын, аха, 2022 шықәсазы еилаҳкааит Урыстәыла аусеицура шаҭахым
«Ахатә шәарҭадара еиқәыршәатәуп, аха, наҟ-наҟ ашәарҭадара архитектура ҿыц аҧҵатәуп, избанзар, агеографиа ҳзыҧсахуам — Урыстәыла ҳгәылараҿы иҟазаауеит, аҭынчра иазҿлымҳау агәыла дҳамазар ҳҭахуп», — иҳәеит Европатәи Ахеилак ахада Антониу Кошта Жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа рзы Парижтәи ашкол аҿы данықәгылоз.
«Акыраамҭа иалагӡаны Европеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа бзиан. Акыршықәса ирылагӡаны Франциеи Германтәылеи Минсктәи апроцесс мҩаҧыргон. 2008 шықәсазы Қырҭтәыла ажәылареи 2014 шықәсазы Крым аннексиеи ашьҭахь ҳара Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа наҳагӡар ҳҭахын, аха, 2022 шықәсазы еилаҳкааит Урыстәыла Европа аус ацура шаҭахым. Урыстәыла жәларбжьаратәи зин пату ақәнаҵом, Урыстәыла Украина ианажәылоз хықәкык акәын иамаз — Украина ампыҵахалареи, Украина анапхгара рыҧсахреи, Евроеидгыла ашәарҭадара аҧырхагахареи. Европа уи аҭахымызт, уажәшьҭа ҳгәы ҳҽанызароуп. Европа урыстәылатәи агаз иахьыҧшызар ҟалом, Урыстәылантә иаауа ашәарҭа ҳҽацәыхьчароуп. Уи ҳареи ҳшәарҭадареи азы ахадаратә ҵакы амоуп», — иҳәеит Кошта.