Антониу Гутиереш Қырҭтәыла акторцәа зегь рахь ааԥхьара ҟаиҵоит амчылара иахылҵыр зылшо ауснагӡатәқәа рҟынтә рҽааныркыларц, аибарххара адиалог амҩала аҭықәҵара иалагарц
Қырҭтәыла аҭыԥ змоу ахҭысқәа икылкааны ҳрыцклаԥшуеит, иаҵшьны иазгәаҳҭоит аарԥра ахақәиҭреи аҭынч аизара зини пату шрықәҵатәи, – иҳәеит ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада ипресспикер Стефан Диужарик.
“Амаҿаныҟәгаҩ хада Қырҭтәыла акторцәа зегь рахь ааԥхьара ҟаиҵоит амчылара иахылҵыр зылшо ауснагӡатәқәа рҟынтә рҽааныркыларц, аибарххара адиалог амҩала аҭықәҵара иалагарц”, – иҳәеит апресспикер.