Анри Оханашвили – Амнистиа иазку акт зегьы иркьысроуп,  "аконвенциатә зинқәа" еилазгаз рыда
Анри Оханашвили – Амнистиа иазку акт зегьы иркьысроуп,  "аконвенциатә зинқәа" еилазгаз рыда

 

«Ақырҭуа гәахәтәы» Европа Ахеилак адгылара ала аганқәа знапы аҵарҩыз аиқәшаҳаҭра нарыгӡоит, — иҳәеит апарламенттә аиҳара ахаҭарнак Анри Оханашвили аоппозициааи анапхгратә гәыҧи иахьатәи реиҧылара ашьҭахь.

Иара иҳәамҭала, аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны,  Амнистиа иазку акт ахаҿқәа зегьы ирыдкьыслоит.

Иара убас,  Оханашвили ишиҳәаз ала, амнистиа иазку азакәан аҿы  «аконвенциатә хәҭаҷқәа» рзы жәларбжьаратәи астандарт ихьчазаауеит.

«Ҳара ари азҵааразы ҳаиқәшаҳаҭхахьеит. Аконвенциатә хәҭаҷқәа роуп  ауаҩы иргәаҟреи,  гәымбылџьбарала изныҟәареи,  иаҳаҭыр аларҟәреи,  уб.егь..   Аӡәы абри аҩыза ацәгьаура ҟаиҵеит ҳәа ишьақәыҕәҕәахар,  иара амнистиа идкьыслом,  аконвенциатә стандарт ихьчазаауеит,  егьи ганахьала  —  аиқәшаҳаҭра ишану ала,  егьырҭ ауааҧсыра зегьы  амнистиа рыдкьыслоит», — иҳәеит  Анри Оханашвили.

Европа Ахеилак адгылара ала аганқәа рнапы зҵарҩыз адокумент  «Ҧхьаҟа ицо амҩа Қырҭтәылазы» ала иазҧхьагәаҭоуп  Қырҭтәыла апарламент аҿы амнистиа иазку азакәан адкылара,  абри азакәан   2019 шықәса ҧхынгәы 19-21  рзы Қарҭ иҟаз апротест иадҳәалоу азинеилагарақәеи абаандаҩтәрақәеи ирызкуп.