Анналена Бербок Сергеи Лавров иахь  - Ари аибашьра аанышәкыл, жәларбжьаратәи зин аилагара шәаҟәыҵ
Анналена Бербок Сергеи Лавров иахь  - Ари аибашьра аанышәкыл, жәларбжьаратәи зин аилагара шәаҟәыҵ

«Ари аибашьра аанышәкыл, жәларбжьаратәи зин аилагара шәаҟәыҵ», —  илҳәеит Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр  Анналена Бербок Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иахь лхы рханы.  Ари аҳәамҭа ҟаҵан  G20 адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылараҿы.

Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Урыстәыла ахаралҵеит  G20 аусура аҧырхагахара.

«Ҳара амультилатерализм агәра ҳгоит. Ари аибашьра аанышәкыл, жәларбжьаратәи зин аилагара шәаҟәыҵ», — илҳәеит  Анналена Бербок асаммит аҿы.