Анна Лурманн – Ақырҭуаа Евроеидгылаҿ иаабар ҳҭахуп
Анна Лурманн – Ақырҭуаа Евроеидгылаҿ иаабар ҳҭахуп

Германтәыла Европатәи аусқәа рзы аҳәынҭқарратә министр  Анна Лурманн лҳәамҭала,  Қырҭтәыла европатәи аҭаацәараҿы иаҭыҧуп.

Европа аусқәа рзы аминистрцәа Стокгольм реиҧылара иалагаанӡа Анна Лурманн ишылҳәаз ала, «Қырҭтәыла атәылауаа реиҳабыра рҟынтә ареформақәа рымҩаҧгара иаҳәоит Евроеидгыла алалара мацараз акәымкәа, ртәыла иаҳа ахы иақәиҭзарц азыҳәангьы».

«Ақырҭуаа рацәа сырҧылеит, рызынтәгьы Евроеидгыла ҳалалар ҳҭахуп ҳәа рҳәеит. Аха, акомиссиантә иҳаҳаз аинформациа инақәыршәаны, атәыла анапхгара макьана ргәыҕрақәа нарыгӡом.  Қырҭтәыла атәылауаа реиҳабыра рҟынтә ареформақәа рымҩаҧгара иаҳәоит Евроеидгыла алалара мацараз акәымкәа, ртәыла иаҳа ахы иақәиҭзарц азыҳәангьы, рҳәынҭқарраҿы азакәан аиҳаӡара еиқәыршәазарц азыҳәан. Иахьа Акомиссиа аҟынтәи иаҳа ирацәаны адетальқәеи инарҭбаау аинформациеи  еилаҳкааит.  Ҳара ақырҭуаа Евроеидгылаҿ иаабар ҳҭахуп», — илҳәеит аминистр.